• Аныҳәара Мгәыӡырхәа ақыҭан, Жьиаа ргәараҭаҿ. Моление в семье Ажиба в с. Мгудзырхуа

  • Длительность:
  • Просмотров: 380
  • Добавлено: 27 февраль 2020

Прямой адрес
HTML ссылка

Аӡатә ахныҳәара – ари аҧсуа иҵас-иқьабз, иҭоурых, инцәахаҵара иалоу ныҳәоуп. Ажәытәан ари аныҳәара еиҳа иҭҵаан, игәылҭәаан. Уажәазы уи мҩаҧызго шыҟоугьы, урҭ хыҧхьаӡарала ишмаҷымгьы, аныҳәара шымҩаҧгатәу ззымдыруа, изеицәаҳӡари, ҳаҟоуп. Избан ҳәа шәсазҵаауазар, исҳәоит аҭак. Иахьа уажәраанӡа, егьа ҳаҽхарцәажәаргьы, ихәарҭоу ала иҟаҵоу маҷуп. Иҭҵаам, еиқәыршәам, иҭыжьым «Аҧсуара» ҳәа хьӡыс измоу ашәҟәду. Сара сшазхәыцуала, ари ашәҟәы, ма ашәҟәқәа реизга ианылароуп аҧсуацәа зыҟәну зегьы: аҭоурых, абызшәа, ҳҿалаҳәара, ҳанхарҭа, ҳашәҵатәы, ҳҟәынҵатәы, ҳанцәахаҵара, ҳҵас, ҳқьабз, ҳлеишәа уҳәа убас егьырҭгьы. Аамҭа зхаҳгауа сыздыруам. Урҭ зегь анаҳцәыӡлак, аиқәырхара, аиҭашьақәыргылара цәгьахоит.
Уажә шәызхәаҧшуа авидеонҵамҭа абжакы сара соуп иҭызхыз, аҩбатәи (аҵыхәтәантәи) ахәҭа ҭызхыз гәдоуҭатәи аҭыхҩы Адамыр Џьниа иоуп. Ҳаҟоуп ҳара Ажьиаа ргәараҭаҿ, Мгәыӡырхәа ақыҭан, аӡатә ахныҳәараҿ. Иныҳәо Лаврик Цкәиа иоуп. Дзыхныҳәо иаҳәшьеиҳаба Нанули лоуп.
Уаҟа еилагылоу, саргьы сынрылаҵаны, зегь ҳаасҭа ахныҳәарақәа идыруеит агәараҭа аҧшәма, 70 шықәса инырҭысхьоу Несҭор (Кәыкәуша) Грышьа-иҧа Ажьиба. Аҧшәма даараӡа ауаҩы дизааигәоуп, идырра ыҟоуп, иаҳахьоу, игәынкыланы имоу рацәоуп, илаф бзиоуп, угәалаҟара шьҭихуеит. Иӡыбны исымоуп, хҭацәыхаамҭак соур, сизцаны, «дырҳәацәаны» иидыруа, иаҳахьоу зегь авидео ишанысҵо.
Ажьиаа рҭаацәара даара исзааигәоуп. Аҧшәма иаҳәшьа саб иаҳәшьаҧа иҧҳәыс лоуп. Хазы Кәыкәуша ианду (иаб иан) д-Еныкьҧҳан, сан лаҳәшьаду лакәын. Кәыкәуша иаб иакәзар, зыхьыӡ дырыз, инагаз, иуамаз иакәын. Иан лакәзаргьы, аҭаацәа ҧшӡа иалҵыз – аҧшәма еицырдыруа аҧсуа артист Сергеи Сақаниа иаҳәшьаҧа иоуп. Кәыкәушеи Нанулии рыҧсы иахылҵит, ирааӡеит ахшара ҧшӡа. Урҭ рыҧсҭазаара иалоу агәыхь ду ахааназ хҽышьа амам – амҩатә машәыр иахҟьаны лыҧсҭазаара далҵит урҭ рыҧҳацәа руаӡәк. Аџьанаҭ иҟоу иаанлыжьыз рзы лыҧсы ҭынчуп. Иахьыҟоу ибзиоуп, иҿырҧшыгоуп, еизааигәоу зегь жәҩахырла еидгылоит, еицхыраауеит, рысасгәашә аартуп, рчеиџьыка ҭбаауп. Лымкаала иззысҭахыугьы, рлафҳәашьа ҧшӡоуп.
На видеозаписи вы видите процесс древнего моления, название которого переводится с абхазского языка как «моление над ритуальным животным, предназначенным к закланию», которое предпринимается с целью защиты того человека, чьей принадлежностью признаётся ритуальное животное. Моление произошло вчера, 17 февраля 2020 года в селе Мгудзырхуа Гудаутского района Республики Абхазия, в семье Нестора (Кукуши) Григорьевича Ажиба.

Категории: Люди
Комментарии (0)
Кликните на изображение чтобы обновить код, если он неразборчив
Похожее видео